Самаратәи атурист Пицунда асасааирҭаҿы ҩыџьа ауаа ихәит

Ацәгьа зуыз ахаҵа аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит, аха хара имгакәа амилициа Пицундатәи аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Самаратәи аԥсшьаҩы Александр Совинкин, Пицунда, асасааирҭа "Сэр Рэмбо" аԥшәма Фазлыбеи Ԥкьыни аҽа ԥсшьаҩыки ҳәызбала ихәит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Амилициа апресс-маҵзураҿы ишырҳәо ала, ахаҵа ижәны дыҟан, мзызк амамкәа 53-шықәса ирҭагылоу  асасааирҭа аԥшәма ихәдеи инапқәеи ахәрақәа рниҵеит. Анаҩс Совинкин Новосибирсктәи аԥсшьаҩ ԥҳәыс дыхәны дыбналеит.
Ахаҵа даанкылан агәыларатә сасааирҭа-ҩнаҿы. Ацәгьа злеиуыз аҳәызба аҭыԥ аҟынтәи ишьҭыхын.
Гагра араион ААР аматериал еидкыланы апрокуратурахь инанашьҭит анаҩстәи апроцессуалтә ӡбамҭа адкыларазы.