Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ауразы нанҳәа 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амобилтә госпиталь даҭааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Даҽа ҩыџьа згәабзиара шьақәзаргылаз амобилтә госпиталь аҟынтәи илрыҩааит
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи, агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедови иареи аусутә зҵаарақәа акыр ирылацәажәеит.
"Еиԥҟьара ҳәа акгьы ыҟам. Апациентцәа ианаамҭоу иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит. Афатә-ажәтә азы проблема ыҟам, аӡы шҳамац иҳамоуп", - иҳәеит Магомедов.
Иара иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа шыуадаҩу, аха ахылаԥшра ауҭартә ишыҟоу. Цәыббра 1 азтәи адыррала, агоспиталь 78 пациент ҭоуп, жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Есыҽны бжьаратәла 10-ҩык рыдыркылоит.
"Ачымазцәа реиҳараҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Астационартә хәышәтәра иахысхьеит 48 пациент", - иҳәеит Магомедов.
Едурад Быҭәба иҳәеит  аусбарҭеи агоспитальи шеиныруа аиҿкааратә зҵаарақәа рганахьала.
Аминистр "азона ҟаԥшь" даҭаан апациентцәа ргәабзиара дазҵааит. Амобилтә госпиталь аколлектив ҭабуп ҳәа реиҳәеит COVID-19 змоу ауаа рыхәышәтәразы иҟарҵо азы.