Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Саманба Ҭамара Шаҟрылԥҳа илызкны

Афилолгиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Леонид Саманба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит аусураҿы, аиҩызараҿы, рҵаҩык иаҳасабала Ҭамара Шаҟрылԥҳа дзеиԥшраз. Иахьа лара лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуазаарын 95 шықәса.
Sputnik
Цәыббрамза 2, 1926 шықәса рзы диит аԥсуа бызшәа адырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Ҭамара Шаҟрылԥҳа.
"Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы ргәыӷырҭа, рыхьчаҩ лакәын. Лара Аԥсни аԥсуааи рҭоурых ибзианы излалдыруаз ала, уи иахнагоз аиашамра дзақәшаҳаҭхомызт. Лара лтәыла ахьчаразы ақырҭуа напхгарахь иаартны лықәгыларақәа, лааԥхьарақәа уҳәа активла лусуразы илышьклаԥшуа иалагоит, лыҭҵаарадырратә рҿиараҿгьы илоуан аԥынгылақәа. Аиашазы, усҟантәи аҳәынҭқарра ду асистемаҿы арҭқәа зегьы лара дхәыржәар алшон. Аха лара дыззықәԥоз аус дацәхьамҵит, аиашаз лықәԥара аҵыхәанӡа иналыгӡеит. Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл илыхҵоуп "Аԥсны Афырԥҳәыс" ҳәа ахьӡ", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.