Аӡҩыбжьеи Кындыӷи рыбжьара амҩаду аԥша иҵнахыз аҵлақәа анаҳалеит

Амшцәгьеи аԥшаӷьи ирхырҟьаны ақыҭақәа Аӡҩыбжьеи Кындыӷи рыбжьара аҵлақәа амҩа ианаҳалеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2- Sputnik. Амҩаду Ԥсоу-Егры, ақыҭақәа Аӡҩыбжьеи Кындыӷи рыбжьара аԥша иҵнахыз аҵлақәа анаҳалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аамҭак азы амашьынақәа рныҟәара аанкылан.
Очамчыра амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәеи араионтә аҳәынҭавтоинспекциеи, акоммуналтә наплакқәа русзуҩцәеи аҵлақәа ԥҟаны амҩа ианыргеит.
Уажәазы атранспорт аныҟәара хацыркуп.