Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ амедусҳәарҭа аусушьа далацәажәеит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25324-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21380-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 380-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Урыстәылатәи агоспиталь аартра ашьҭахь аҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит, ачымазцәа рхыԥхьаӡара иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа.
"Аиҳараҩык урыстәылатәи агоспиталь ахь инаргоит, ҳара ҳахь Гәдоуҭа араион иатәу роуп уажәазы иҟоу. Иҳауыз аԥсеивгара иалыршаны  ахәышәтәырҭа аҟәшақәа еилҳаргоит", – лҳәеит лара.
Урыстәылатәи  амобилтә госпиталь аанӡа Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь аҿы уахыки-ҽнаки рыла  25-ҩык иреиҵамкәа ауаа ҳадаҳкылон лҳәеит Оҭырԥҳа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
"Амедицинатә персонал рҽеиҭаркуеит. Егьырҭ араионқәа рҟынтәгьы иаауеит. Цхыраарада иалшом ҳусура", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Агоспиталь аҿы аԥсыҭбарақәа дрылацәажәо Оҭырԥҳа илҳәеит акоронавирус џьоукы-џьоукы ишрыдаапкыло, рыхәышәтәра шзалымшо.
"Ҿыц иааз апациентцәа рҟынтә имаҷуп зыԥсҭазаара иалҵуа, аиҳарак акраамҭа ахәышәтәра иахысуа роуп. Ачымазара ахы арцәгьоит егьырҭ агәабзиаратә уадаҩрақәа змоу рҿы", - ҳәа лҳәоит аҳақьым.
Ус шакәугьы иҟоуп уаанӡа згәы бзиоуп ҳәа изшьоз, аха акоронавирус иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз ҳәа азгәалҭоит Ангелина Оҭырԥҳа.
"Аҳәара уадаҩуп апациент ичымазара ихигар шилшо атәы. Уи адагьы  игәаҳҭо ҳалагеит ачымазара  аҿар рахь ииасуа ишалагаз", - лҳәоит лара.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 64-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп24-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.