Нанба аҳәынҭмаҵзурауаа шаҟаҩы адекларациақәа харҭәааны иназышьҭыз иҳәеит

Азакәан инақәыршәаны адекларантцәа нанҳәа 1 аҟынӡа Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь аинформациа нарышьҭыр акәын.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Нанҳәа 31 рзы адекларациақәа хадырҭәаахьеит 1438 декларант ҳәа Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба.
"Адекларант иуалуп ихазеиԥш иҭаацәа рызгьы адекларациа ахарҭәаара", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Нанба иҳәеит 35-ҩык Апарламент адепутатцәа адекларациақәа шырзынарышьҭыз.
Арадио
Габуниа адекларациақәа рхарҭәааразы: асаит аҟны ус еиԥш алшара аԥҵоуп
"400 еиҿкаара рҟынтәи адекларациақәа ҳзынарышьҭит 128", - иҳәеит Нанба.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Амаҵзурауаа ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарартә усзуҩцәа аиҿкаара-еихшаратә усурақәа, административ-нхамҩатә, ахылаԥшра-гәаҭаратә усурақәа мҩаԥызго.
Нанҳәа 1 аҟынӡа амаҵзуратә хаҿқәеи адепутатцәеи аинформациа нарышьҭыроуп Ашәахтәеи аизгақәеи рминистррахь рхашәалазы.
Усеиԥш ҟазымҵаз ма ииашам аинформациа назышьҭыз ачынуаҩ азакәан инақәыршәаны иусура дамхзароуп мамзаргьы лахь иҭазароуп.