Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьынқәырԥҳа Пицунда аԥхынтәи аԥсшьараамҭа амҩасшьа иазкны

Пицунда иҟоу асасааирҭақәа руак аиҳабы Асида Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәатәи аԥхын азы хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа раара шырныԥшыз атәы, насгьы уажәтәи аԥсшьаҩы ҷыдарас имоу атәы.
Sputnik
"Аԥхын аамҭа ибзианы имҩасит, егьырҭ ашықәсқәа раасҭа аԥсшьаҩцәа рацәан. Сынтәа Пицунда зегьы аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп. Амашьынақәа рацәоуп, ауаа рацәоуп, аџьармыкьа ибзиан аус ауеит. Сара хаҭала ссасааирҭа атәы ҳҳәозар, иаҭааз сынтәа 50% рыла еиҳауп егьырҭ ашықәсқәа раасҭа. Игәасҭаз, уажәы иаауа аԥсшьаҩца иаҳа игәамҵуеит, уи иҟоу ачымазара иахҟьазар ҟалап. Аха, ҳара иҳачҳароуп, избанзар дара рыдагьы ԥсыхәа ҳамаӡам. Иҳәатәуп, зфинанстә ҭагылазаашьа уашәшәыроу шракәу иаҳа иаауа", - ҳәа еиҭалҳәеит Шьынқәырԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.