АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Самаратәи атурист Александр Совинкин иихәыз ауаа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа шәарҭам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы.
Амедицинатә усзуҩцәа иахәҭаз ацхыраара рырҭеит ахәра зауз, анаҩс урҭ рыҩныҟақәа иоурыжьит ҳәа азгәарҭеит амедусҳәарҭаҿы.
Цәыббра 1 азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит ижәны иҟаз ахаҵа, мзызк амамкәа 53-шықәса ирҭагылоу асасааирҭа аԥшәма ихәдеи инапқәеи ахәрақәа рниҵеит, анаҩс Новосибирсктәи аԥсшьаҩ ԥҳәыс дыхәны аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит, аха хара имгакәа амилициа Пицундатәи аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит ҳәа.
Ахаҵа даанкылан агәыларатә сасааирҭа-ҩнаҿы. Ацәгьа злеиуыз аҳәызба аҭыԥ аҟынтәи ишьҭыхын.
Гагра араион ААР аматериал еидкыланы апрокуратурахь инанашьҭит анаҩстәи апроцессуалтә ӡбамҭа адкыларазы.