Урыстәыла аекономикатә ҿиареи аенергетикеи рминистррақәа рделегациа Аԥсны иааит

Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Урыстәыла аекономикатә ҿиареи аенергетикеи рминистррақәа рхаҭарнакцәа ҩымш Аԥсны иааны иҟан, 2020-2022 шықәсқәа рзтәи Аинвестициатә программа аусурақәа шцо агәаҭаразы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсныҟа усуратә ныҟәарала иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, иара убас Урыстәыла аенергетика министр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак. Абри азы адырра ҟалҵеит Аԥсны аекономика аминистр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Кристина Озган Instagram аҿтәи лдаҟьаҟны.
Кристина Озган Урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Аԥсны аҳәааҿы.
Аҟәаҟа амҩа иқәнаҵ дара игәарҭеит асоциалтә, аинфраструктуратә обиектқәа, Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Анивестпрограммала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа.
2021 шықәса мшаԥымзазы Урыстәыла аекономикатә ҿиареи аенергетикеи рминистррақәа рхаҭарнакцәа ҩымш Аԥсны иааны иҟан, 2020-2022 шықәсқәа рзтәи Аинвестициатә программа аусурақәа шцо агәаҭаразы.