Аԥшаӷьы Гәдоуҭа аҩнқәа рхыбқәа хнашәеит, аҵлақәа канажьит

Цәыббра 2 рзы ареспублика араионқәа рҿы аԥшацәгьеи ақәаршҩи рыҟазаара иахҟьаны аҩнқәа рхыбқәа ахнахит, аҵлақәа каҳаит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Гәдоуҭа аԥша ахатәыҩнқәа ҩба рхыб хнашәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ахыбқәа руак аихамҩа ианнажьлеит.
Гәдоуҭа, Гагратәи амҩаду аҿы аҵла амҩа ианаҳалеит, Пицунда амашьынақәа ирықәҳаит.
АҶА аусзуҩцәа арҭ аҭыԥқәа дрыцқьеит, амҩаҿ аныҟәара алшартә иҟарҵеит.