70-шықәса зхыҵыз аиубилиар арадио Sputnik аефир аҿы диҿцәажәон Алхас Манаргьиа. Гәырам Амқәаб игәалаиршәеит аибашьра ашьҭахь ателехәаԥшра ашьақәгылара аус шцоз, уи аԥхьа имҩаԥигоз иҭҵааратә усура, еиҭеиҳәеит изымыҿиаз игәҭакқәа ртәы.
"Сара акандидатә диссертациа сыхьчеит 1992 шықәса рзы, исыхҵан аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ. Уи ашьҭахь азин сыман адоктортә диссертациа аҩра. Аха аибашьра ианалага смаар ҟамлеит. Сааит. Усҟан атәыла ахада иҿы апресс-маҵзура анапхгара асҭон. Сара ашәҟәы аҭыжьра салагахьан "Абхазия. Хроника необъявленной войны". Шәҟәык ҟаҵан, нас аҩбатәи салагеит, аха ааԥын 1993 шықәса рзы сымцар ада ԥсыхәа ҟамлеит Москваҟа. Атәыла ахада иҳәеит ари ашәҟәы ишацҵатәу, убри аус саҿын. Аибашьра иаалгаанӡа ԥшь-томк ҭыҵхьан. Аибашьра анеилга схынҳәит академиахь, сҵара адокторантураҿы иаҵысҵон. Аха еиҭа Аԥсныҟа схынҳәит, аамҭала аԥсуа телерадиоеилахәыра аибашьра ашьҭахь ашьақәгылараҿы ацхыраара ҟасҵарцаз. Ус аара сгәы иҭаӡамызт, избанзар сара планс исыман Германиа ацара, уа аматериалқәа реизгара. Аха Аԥсныҟа ианаатәха уи атема ыӡит. Сара ҩба-хԥа мзы рыла аус уны сцарц сгәы иҭан, аха саанхеит иахьа уажәраанӡа…", - ҳәа игәалаиршәеит Амқәаб.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.