АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭан ааха зауз ацҳақәа ҩбеи, Жәандәрыԥшь ақыҭаҿтәи цҳаки реиҭашьақәыргыларазы Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи миллионбжак инеиҳаны аԥара шәахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион архитектор хада Адгәыр Ҭарба.
"Макьаназ асмета шьақәыргылам аха заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла 600 - 700 нызқь мааҭ аҭаххоит. Ари ҳалаӡап ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Ҳаизымхакәа ҳҟалар атәыла аиҳабыреи "Аԥсныҟәарахьчареи" рахь ацхыраара ҳаҳәоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭарба иҳәеит зыӡбахә имоу акапиталтә ремонт акәымкәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шракәу.
Архитектор хада агәра ганы дыҟоуп аусурақәа ақәоурақәа раамҭа ааиаанӡа ишрылагатәу. Арҭ аинфраструктуратә обиектқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргараны иҟоуп АУН "Гәдоуҭатәи аремонт-ргыларатә еиҿкаара".
Ԥхынгәымза алагамҭеи анҵәамҭеи рзы Аԥсны ақәаршҩы, аԥшатлакә аҭыԥ рыман, анхарҭаҩнқәа, аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа рыҭан.
Аԥхасҭа зауз Гәдоуҭа араион ауааԥсыра амшцәгьақәа рышьҭахь акомпенсациазы 300 рзаҳал нарышьҭит.
Аԥхасҭа зауз Гәдоуҭа араион ауааԥсыра амшцәгьақәа рышьҭахь акомпенсациазы 300 рзаҳал нарышьҭит.
Амшцәгьеи аӡхыҵрақәеи ирыхҟьаны ааха роуит 248-ҩык, аԥша 50 ҩны рхыб рыхнахит, ҩ-ҩнык афы рысны иблит.