Арадио

Ломиаԥҳа амедицинатә коллеџь ахь адкыларазы: х-факультетк рахь азыҳәақәа ыҟам

Аҟәатәи амедицинатә коллеџь ааӡаратә ҟәша аиҳабы Светлана Ломиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵараиурҭахь шаҟаҩы рыдыркылаз, насгьы избан факультетқәак рахь арзаҳал зынӡагьы изаларымҵаз.
Sputnik
"Амза 6 рзы аколлеџь иҭалаз ааиуеит аҵарахьы. Адкыларатә комиссиа имҩаԥнагаз аусура алҵшәақәа рыла, адокументқәа ралаҵара аамҭа еиҭагоуп, макьана изҭаху ааир ҟалоит, аха иахьазы х-факультетк рҿы аӡәызаҵәык арзаҳал алаимҵаӡеит. Егьыс иҳадаҳкылеит 120-ҩык. Алабораториатә ус, аветеринартә ус, асанитариеи, агигиенеи, аепидимиологиеи ҳәа иҟоу ахырхарҭала аҵаразы алшара ыҟоуп, аха урҭ ҭацәуп, азыҳәақәа ыҟам. Иҳамоуп иара убас ажәбатәи акласс иалгаз рзы агәыԥ, уа иҳадаҳкылеит 20-ҩык", - ҳәа еиҭалҳәеит Ломиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.