Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абиометриатә паспорт аиуразы адокументқәа аамҭала иаднакылом

Урыстәылатәи аҳәаанырцә паспорт аҿҳәара иахыԥазар, аҩныҵҟатә паспорт умамзар, Урыстәыла атәылауаҩра аршаҳаҭразы зыхә шәатәу агәаҭара уахысроуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы абиометриатә паспорт аиуразы адокументқәа рыдкылара аамҭала иаанкылоуп цәыббра 2 инаркны цәыббра 8 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә даҟьа Facebook аҟны.
Ахалаҟаҵаратә тәылауаҩшәҟә ала аҳәаа ахысра зҽазызшәоз даанкылоуп
Убри аан иазгәаҭоуп хәышықәсатәи апаспорт азы адокументқәа рыдкылара  уаанӡатәи арежим ала ишымҩаԥысуа.
Апаспорт ҿыц аиуразы уаанӡатәи адокумент ма ухаҭара шьақәзыргыло аҽа документк умазароуп. Ацҳаражәҳәарҭаҿы иазгәарҭоит аҳәаанырцә паспорт аҿҳәара иахыԥазар, аҩныҵҟатә паспорт умамзар Урыстәыла атәылауаҩра аршаҳаҭразы зыхә шәатәу (4 810  мааҭ) агәаҭара уахысроуп ҳәа.
Урыстәыла атәылауаҩра амазаареи амамзаареи ргәаҭаразы ахәԥса ашәара мҩаԥысуеит 2020 шықәса жьҭаара 5 рзы Урыстәыла аиҳабыра рықәҵара шьаҭас иҟаҵаны.
Акоронавирус аларҵәара алмыршаразы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аамҭак ала фҩык иреиҳамкәа, амедицинатә сабрадақәа рҿаҵаны ирыдыркылоит.