"Аиҟәгара ҟамлароуп асахьаҭыхҩи иара ицәыргақәҵа збар зҭаху ауаҩи рыбжьара. Онлаин ацәыргақәҵа ахаҭеиԥш азнеишьа амамзаргьы, иахьатәи ҳаамҭаз иханарҭәаауеит иҟоу аҭагылазаашьа. Асахьаҭыхыҩ ихала дыҟоуп, аус иуеит рҳәоит, аха уи аҿиара процесск ауп, уи ашьҭахь иҟоуп ацәыргақәҵатә ԥсҭазааара. Иара иусумҭақәа ӡырымгазар, аҟазаратә процесс ибжамҽамны иҟалоит. Ҳаргьы ҳҽақәҳаршәеит аамҭа. Уи иацу абзиарақәагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, иҽалаирхәит Москва инхо еицырдыруа ҳсахьаҭыхыҩ Константин Инал-иԥа. Сара сазыԥшуп ауаа ргәаанагара, ирызцәырнагаз ахәыцрақәа рыҩырц сҭахуп", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.