Аԥсуа ҷкәын Шәача имҩаԥысуаз аҵаақәшьқьрааразы аицлабраҿ аиааира игеит

Аицлабра мҩаԥысуан Шәача аҽазыҟаҵарҭатә центр аҵаазы аспорт ҩны "Айсберг" аҟны
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Жәеиза шықәса зхыҵуа аҵаақәшьқьраҩы Захар Кьахьба актәи аҭыԥ ааникылеит, аҵаақәшьқьрааразы ақәыԥшцәа рыбжьара аҟазара актәи аҩаӡараз Шәача имҩаԥысуаз аицлабраҿ. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аспортсмен иҿаԥхьа иқәгылаз ахыдҵақәа зегьы қәҿиарала инаигӡеит.
Аицлабра иалахәын 30-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа, Шәачантәи, Санкт -Петербургантәи, Чита, Стерлитамак, Уренгоиа Ҿыц, Симферополь, Тиумен, Краснаиарск, Магнитагорск, Нариан-Мара рҟынтәи.
Захар Кьахьба жәеиза шықәса ихыҵуеит, ԥьшьышықәса ҵуеит Шәача аолимпиазы аҽазыҟаҵарақәа рцентр аҟны аҵаақәшьқьраара иҽазыҟаиҵоижьҭеи. Азыҟаҵаҩцәас имоуп Ольга Метельковаи Марк Шахматови.