Аҟәа ахысрала ашьҭазаараз аус ариашаратә зыӡба мап ацәкуп

Ԥхынгәы 28 2021 шықәсазы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ариашаратә зыӡба аднакылеит Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахь ала. Апрокуратура хада ари аӡбамҭа ахашшааратә ԥҟаррала иазашшит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшаратә коллегиа мап ацәнакит Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ариашаратә зыӡба Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура хада асаит.
Мизани Аслани Зыхәаа хараны ирхарарҵоит:
Гарри Аҩӡба закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа, дара реиԥш зеиԥшу, аԥсихотроптә маҭәашьарқәа раахәара, рыҵәахра, рхархәара ихараҵоуп.
Хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә хыԥхьаӡарақәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Nah аанкылара.
Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа ирышьҭан, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.
Аамҭақәак рышьҭахь Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.
Ацәгьоуцәа аҳәынҭқарратә хыԥхьаӡарақәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит.
Зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа ахара рыдуп ҳәа ишьам ахарадҵаратә зыӡба азинмч аиуаанӡа.