Гагра "акадифаамҭаз" иреиӷьу аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

Урыстәылатәи амаҵзура TVIL.RU иалнакааит ахәыҷқәа рыцны аҭаацәарақәа "акадифаамҭазы" ԥсшьара ицар ахьырҭаху аҭыԥқәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Гагра "акадифаамҭазы" ахәыҷқәа рыманы аԥсшьараз иреиӷьу аҭыԥ ҳәа иалырхуа ақалақьқәа иреиуоуп ҳәа азгәанаҭоит TVIL.RU.
Иара убасгьы аԥхьагылара рыманы асиа ианылеит Иалта, Шәача, Питер.
Атурмаҵзура адыррақәа рыла абри аамҭазы аиҳараҩык мышкы инаркны жәымшнӡа рыԥсы ршьоит, уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 1,9 - 6 нызқь мааҭ рҟынӡа.
Еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа жәаба рсиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббра-абҵара амзақәа рызтәи заа аҭыԥқәа раанкыларақәа рҵаҵӷәала.
* Аотельқәа рҿы уахыктәи абжьаратә хәыԥса
Уаанӡа Гагра 2021 шықәса ҭагалан азы атәанчаҩцәа иалырхуаз ахырхарҭақәа ирыҵанакхьан.