АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Ааҩык атәымтәылауаа Аԥсны аҳәааҿы иааныркылеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Азинеилагаҩцәа иахәҭоу адокументқәа рымамкәа Шәача, Адлертәи араион Алада Шиловка иҟан.
Адлертәи араионтә ӡбарҭа ахараԥса ҟазшьа аманы аҳәаанырцәтәылауаа административтә ҭакԥхықәра иаҵадыркит зиншьаҭада аҳәаахьчаратә зонаҿы рыҟазааразы.