"Аԥша аҩны ахыб зегьы ахыхны иаган ахыбра маҷ иҳазгылаз иақәнажьит. Уи ааха анаҭеит. Агәылацәа иаразнак еизан апалатка ақәыршәны аҩнымаҭәа мбааӡарцаз иҟарҵеит. Аҩны ҿыц ихыбтәхеит. Аҳәынҭқарра аҟынтә 362 нызықь мааҭ аԥара соуит. Иара убысҟак еиҭа иагеит аусурақәа рымҩаԥгара. Агәылацәагьы ацхыраара сырҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.