Игәыгәҭажьны иҟаз БагнарГЕС ахатәтәразы иқәдыргылоит

Аобиект ахатәтәразы аконкурс иалахәхар зҭаху рарзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит Гагра араион ахадараҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Хылаԥш дызмам БагнарГЕС ахатәтәразы иқәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара.
Афымцастанциа Гагра араион ақыҭа Хышьха иҟоуп, аобиект азеиԥш хышәаҵышәа  491,18 метр ԥшьыркца инаӡоит.
Араион ахадара ишаанацҳауа ала  аԥхьанатәтә ҭиратә хәыԥса 1 324 583,53 мааҭ ыҟоуп.
Иазыԥхьагәаҭоуп аобиект аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи хышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥгахоит ҳәа иара ахықәкытә ҭагылазаашьа еиҭакны.
Аинвестициақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 5 000 000 мааҭ еиҵам.