"Аенергетикаҿы аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Ҳара ҳамчала иҳаӡбаратәы алшара ҳамоуп, уи уамашәа абара аҭахӡам. Аӡә иҭара аҭахӡам. Аинвестор ҳаимышьҭалароуп. Аинвестор иӡбахә анаҳҳәо, иара ихатәны иҟамлозар, иара аԥара алаҵаны ихашәало ҟало аус иуп ҳәа игәы иҭазар, уи акоуп. Аха аԥшәымак еиԥш аӡә дааир иҭаххар, ма "ҳҩызцәа дуқәа" иргар рҭаххар, сара сызлахәаԥшуала иаҳзыгәаӷьӡом ус еиԥш иҟоу аус, избанзар, ари ачарҳәара иаҩызоуп. Аԥсны аенергетика ажәлар иртәуп, аҳәынҭқарра иатәуп. Иара знапаҿы иназго аҳәынҭқарра даԥшәымахоит", – ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.
Адепутат Ҭарба игәанагарала, Аԥсны аенергетика аӡәы ихатәрахьы иҭара, аҳәынҭқарра ауадаҩра иҭазыргыло зҵаароуп. Иахьа аенергетика аиҭашьақәыргыларазы иҳамоу амчқәагьы ҳхы иаҳархәар ҳҭахӡам ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.