Арадио

Кәыҵниа иҭахаз урыстәылатәи иколлега Зиничев изы: илаԥш ҳхын, ацәыӡ ду ҳауит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Урыстәыла АҶА аиҳабы Евгени Зиничев иҭахара гәалсра дула ишидикылаз.
Sputnik
Урыстәыла АҶА аиҳабы Евгени Зиничев имаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан машәырла дҭахеит. Евгени Зиничев 55 шықәса ихыҵуан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра дахагылан хышықәса раахыс.
"Евгени Николаи-иԥа иҭахара даара ҳгәы ҳнархьит. Иара 2018 шықәса рзы дахагылеит Урыстәыла АҶА. Ҳара раԥхьатәи ҳаиқәшәара мҩаԥысуан Москва ацәыргақәҵаҿы. Иара хаҭала сидикылеит. Аԥсны игәы азыбылуан. Иара даныҷкәыназ акырынтә Аԥсны даахьан. Иҳагу-иҳабзоу аусура аганахьала игәцаракны иман. Илаԥш ҳхын еснагь. Ацәыӡ ду ҳауит…" - ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.