АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Самаратәи атурист Александр Совинкин, Пицунда ҩыџьа ауаа зхәыз, дырбаандаҩуп ҩымз ҳәа гагратәи аӡбарҭа аӡбрала. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион апрокурор Беслан Ԥкьын.
"Гагратәи аӡбарҭахь азыҳәа наҳашьҭит Совинкин ҩымз ҳәа дырбаандаҩызарц. Аӡбарҭа ҳақәшаҳаҭхеит. Уажәы иаанкылоу Гагра аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп. Жәамш рыҩныҵҟа ихарадҵа идаагалоит", - иҳәеит Ԥкьын.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура адыррала, цәыббра 1 азы ижәны иҟаз Самаратәи аԥсшьаҩы Александр Совинкин мзызк амаӡамкәа 53 шықәса ирҭагылоу асасааирҭа аԥшәма ихәдеи инапқәеи ҳәызбала ахәрақәа рниҵеит, анаҩс Новосибирсктәи аԥсшьаҩ ԥҳәыс дыхәны аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит, аха хара имгакәа амилициа Пицундатәи аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит.
Атурист Александр Совинкин иихәыз ауаа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит.
Амедицинатә усзуҩцәа иахәҭаз ацхыраара рырҭеит ахәра зауз, анаҩс урҭ рыҩныҟақәа иоурыжьит.