АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Забаикалтәи атәылаҿацә аиҳабыра рхантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Андреи Гурулев дидикылеит цәыббра 9 азы.
Аганқәа алацәажәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара амҩаԥысра азҵаара. Бжьаниа иҳәеит агәрахаҵара шимоу "Иаку Урыстәыла" Адумаҿы аԥыжәара змоу партианы ишаанхо азы.
"Адумахь алхрақәа рҵакы дууп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит алхрақәа еиҿкаарыла рымҩаԥгаразы. Иреиӷьу ахәшьарала имҩаԥгатәуп. Саб ашкол адиректорс дыҟан, ахәшьарақәа 3, 4 идикылаӡомызт", - иҳәеит Бжьаниа.
Гурулев иазгәеиҭеит иара Аԥсны дшацәтәымым, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Абыжьбатәи арратә базаҿ аус шиуаз.
"Иаҳхықәкы хадоу аибадырроуп. Ара инхоит ҳалхыҩцәа. Саргьы ԥхьаҟа депутатк иҳасаб ала алхыҩцәа рзы ауп сусура зымҩаԥызго", - иҳәеит иара.
Ахада далацәажәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысраан иҟоу ауадаҩра.
Ахада далацәажәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысраан иҟоу ауадаҩра.
"80% рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рымоуп. Ари ҵаҵӷәы бзиоуп аҳәааҿ иҟоу аусуратә режим аиҭакразы. Ауаа ргәаҟра ҳаизыҟазаашьақәа реиӷьтәра алнаршом", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа хәышықәса аҿҳәара рыманы иалырхуеит еилаԥсоу асистемала: апартиатә сиақәа рылеи мандатктәи аокругқәа рҟынтәии. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 19 рзы