Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵо Урыстәыла ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала аҟазаареи аԥсуа жәлар рҭынч ԥсҭазаареи хәдықәҵара азуа игылеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Цәыббра 9 азы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара атәылақәа рыбжьара аинырра ахаҭабзиара ҳарак ахь икылыргеит ҳәа.
"Аԥсни Урыстәылеи реинырра ҿырԥшыганы иҟоуп наҟ-ааҟгьы хразлоу аусеицуразы. Аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь иахьа шьаҿа-шьаҿала аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны активла аполитикатә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит", - ҳәа аҳәоит аминистрра асаит адырраҭара.
Атәыла адәныҟа аполитикатә усбарҭа иазгәанаҭоит Аԥсны ԥхьаҟагьы гәҭакыс ишамоу аусеицура арӷәӷәареи азы аҽазышәара шыҟанаҵо, аинтерес ззеицрымоу аусхкқәа зегьы рҿы уи шдырҿиало.
"Агәрагара ҳамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟагьы аҿиара ду шаиуа" ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада инапы аҵеиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы адокумент. 2008 шықәса цәыббра 9 азы атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Ҩ-ганктәи аусеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа иаҵанакуеит 100 инареиҳаны документқәа, 2008 шықәса цәыббра 17 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса цәыббра 24 азы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы Аиқәшаҳаҭреи налаҵаны.