Гәдоуҭа араион мчыбжьык ӡыда изыҟаз амзыз шьақәдыргылеит

Аҩашаахыс аҭыԥантәи аӡыканал ауадаҩрақәа зауз ауааԥсыра амашьына ҷыдақәа рыла аӡыржәтә рызнаргоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭақәа ирыԥшааит аӡымҩангагатә магистраль аԥхасҭа ахьаиуз аҭыԥ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба.
Гәдоуҭа ахәҭак мчыбжьык аахыс ӡыда иҟоуп
"Аҭагылазаашьа еилкаахеит. Аӡиас Хыԥсҭа аҵаҟа аӡымҩангага ааха ахьамаз еилаҳкааит. Уа акылҵәара ду амоуп", ҳәа иҳәеит иара.
Леиба иара убасгьы иҳәеит аԥшьашаҽны аҟазауаа аремонттә усурақәа ишрылаго. Зегьы ишахәҭоу ала имҩасыр ахәылбыҽха аусурақәа ирылгоит.
Мчыбжьык ирықәуп араион ахәҭақәак рҿы ӡыда иҟауижьҭеи.
Акоммуналтә усбарҭақәа аӡымҩангага лыкьла ишәаҳауп ҳәа уи аҭыԥ аԥшаара иашьҭан.
Аҩашаахыс Аӡыканал ауааԥсыра амашьына ҷыдақәа рыла аӡыржәтә рызнаргоит.