Sputnik аусзуҩцәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәылацәахеит

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik аусзуҩцәа жәаҩа-ҩык Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иаларҵеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аиҿкаара алахәылатә билеҭқәа рнапы иаиркит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik аусзуҩцәа.
"Шәара қәҿиарала аԥсуа аалыҵ амаҵ азыжәуеит. Аханатә сара ари апроект садгылаҩын. Исҳәон уи ҳара ҳзы иҳамҭоуп, ихадароу ииашаны ахархәашьоуп", - ҳәа иҳәоит Руслан Ҳашыг.
Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы.
"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит амаҵзура Sputnik ажурналистцәа иҳашәҭо адгыларазы. Хаҭала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит журналистк иҳасабала акәымкәа менеџьерк иҳасабалагьы исзыҟашәҵо адгыларазы. Аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рԥышәа аиҵыбцәа ианрымардо ахәшьара ду амоуп", - иҳәеит Бганба.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Sputnik аредактор-хада Дмитри Нездоровин алахәылатә билеҭ иҭо Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит Sputnik ажурналистикатә школ иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулароуп аҿар иахәҭоу адыррақәа роуларц ҳәа.
Sputnik аусзуҩцәа жәаҩа-ҩык Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәылацәахеит.
"Шәара шәеиԥш аԥышәа змоу аредактор – аԥсуа журналистикатә школ азы дыԥшаах дууп. Сгәыӷуеит шәԥышәа егьырҭ аинформациатә маҵзурақәагьы аҵанакып ҳәа" - иҳәеит иара.
Дмитри Нездоровин ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иусура Аԥсны апрофессионалтә еилазаара аҟынтәи ахәшьара ахьарҭаз.
"Ари ашәҟәы атрибутӡам, ари аусураҿ ҳаидызыԥхьало еизыҟазаашьоуп. Ҳара ҳазыхиоуп арҵаратә, арккаратә проектқәа рымҩаԥгара. Аԥсуа журналистика абиԥара ҿыц реиҵагыларазы ҳазыхиоуп ҳарҿиаратәии ҳтехникатәии база шәыдгалара", - ҳәа азгәеиеҭит Нездоровин.
Sputnik аусзуҩцәа жәаҩа-ҩык Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәылацәахеит.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik аусзуҩцәа жәаҩа-ҩык: амаҵзура анапхгаҩы Руслан Бганба, аредактор-хада Дмитри Нездоровин, апортал аҭыжьырҭатә редактор Рада Ажьиԥҳа, афотокорреспондент Томас Ҭҳаиҵук, арадио аҭыжьырҭатә редакторцәа Елена Бекреневеи Альбина Жьиԥҳаи, арадио амҩаԥгаҩцәа Алхас Манаргиеи Лана Абшьлааԥҳаи, акорреспондентцәа Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Бадри Есиава, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Бадраҟ Аҩӡба Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәылацәахеит.