Урыстәыла ашықәс аҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны абензин ахәԥса лаҟәит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла абензин ахә иацлеит 3,19 мааҭ —7%, адизельтә былтәы 2,6 мааҭ иацлеит – 5,4%.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәыла ашықәс аҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны абензин ахәԥса ларҟәын нанҳәа 30 инаркны цәыббра 6 рҟынӡа, ҳәа аҩуеит РИА Новости Росстат адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аекономика аминистрраҿы абылтәы зыҟам атәы иалацәажәеит
Бжьаратәла абинзин 15 копеи иагхеит литрак азы 48 мааҭи 93 капеик артәеит, адизельтә былтәы 7 капеик иагхан литрак азы 50 мааҭи 62 капеики артәеит.
АИ-92 ахә 17 копеи иагхеит – 45мааҭи 99 капеи ҟалеит, АИ-95 ахә 16 копеи иагханы 49мааҭи 82 капеи аҟынӡа илеит, АИ-98 8 копеик иагхеит литрак азы иаԥсоуп 57 мааҭи57 капеи.
Урыстәыла Аенергетика аминистрраҿы иазгәарҭеит ари амчыбжь азы ахәԥсатә ҭагылазаашьа еиӷьхо ишалагаз.
"Аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы иааидкылани акакалатәи ахәԥсақәа алаҟәра иалагеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аҵыхәтәантәи ахәԥса алаҟәра ҵыԥх имҩаԥысит.