Аекономика аминистрраҿы абылтәы зыҟам атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОчередь на заправках Абхазии
Очередь на заправках Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра алагамҭазы Аԥсны абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа шьақәгыло иалагеит абылтәы аҟамзаара иахҟьаны. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ аман нанҳәамзазгьы.
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы аҟамзаара Аҩада-Кавказтәи аихамҩаҿы адәыӷбақәа рырацәареи уи иахҟьаз аишьҭагылақәеи роуп изыдҳәалоу, лҳәеит Аекономика аминистр Кристина Озган цәыббра 6 азы имҩаԥысыз аилатәараҿы.
Лара лажәақәа рыла аԥхынтәи аамҭазы аладатәи ахырхарҭахь идәықәҵаз адәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит 100 акк рыла ииасыз ашықәс иаҿырԥшны.
"Аихамҩа арҭ адәыӷбақәа аԥыжәара рыҭаны идәықәнаҵалароуп. Уи азоуп аидара мҩанызго авагонқәа агылара зрықәшәо. Уаанӡа абылтәы аагара 7-10 мшы ракәзар иаҭахыз, нанҳәамзазы уи ҩынтәны еиҳахеит. Аилахара иахҟьаны Аԥсныҟа иааргоз аидарақәа рыхәҭак Чечентәыла иалсны иаауа идәықәырҵеит. Нанҳәа 23 азы 140 вагон астанциақәа рҿы игылан", - лҳәеит аминистр.
Ауадаҩрақәа рыӡбараз Урыстәыла аихамҩахь аҳәара ҟаҵан. Абри ашьҭахь, нанҳәа 23 азы Аԥсныҟа иааган 134 вагон, 7000 тонна абылтәы рыманы.
Озган ишылҳәо ала 2021 шықәсазы абензин ахархәара акыр еиҳахеит. Аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысыз атранспорт ахыԥхьаӡара иахьацлаз азы абензингьы 35-40 процент ахархәара еиҳахеит.
"Цәыббра 1 азтәи арбагақәа рыла баџьдатәи ашықәстәи алагала аквота аамз рыла иаагоуп. Абри инадҳәаланы Урыстәыла аекономика аминистррахь аквота 40 000 тонна ацырҵарц ҳрыҳәеит. Ари аԥшьгамҭа адгылара арҭеит Аԥсны иҟаз Аекономикатә ҿиара аминистрра ахаҭарнакцәа. Хара имгакәа аквота еиҭаркраны иҟоуп. Аҭагылазаашьа мариам, аха мчыбжьык иуызхаша абензин аахәара аҭаххартә иҟам", - ҳәа лҳәеит аминистр.
Озган иара убасгьы иазгәалҭеит цәыббрамзазы ишхыркәшахо анефҭ аалыҵқәа аус ахьрыдыруло урыстәылатәи азауадқәа. Урыстәылатәи аџьармыкьаҿы абылтәы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалар ахәқәагьы анырра рнаҭар алшоит.
ИАЕ "АЗИД" адиректор хада Адамыр Габуниа иҳәеит аилахәыра ԥхынгәи нанҳәеи амзақәа рзы ахархәара шеиҳахо азгәаҭаны абылтәы аагара ишацырҵаз.
"Нанҳәазтәи аҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳашиашаз. Уи иалнаршеит аҭагылазаашьа амыруадаҩра. Ҳгәыӷуеит мышқәак рыла зегь ҭышәынтәалахап ҳәа. Иааго абылтәы ахышәаҵышәа ԥхьаҟагьы иацҵалатәхоит", - иҳәеит иара.
"Аԥсныаихамҩа" адиректор хада Арсоу Чыҭанаа иажәақәа рыла цәыббра 15 инаркны аихамҩа ҭацәхар абылтәы Аԥсныҟа аагара армариоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0