АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Аминистрцәа реилазаара аихамҩатә кредит ашәаразы ақәҵара "Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рыбжьара 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азы Аԥсны аекспорттә кредит аҭаразы Аиқәшаҳаҭра Аԥкаанҵа №3 апроект ашьақәырӷәӷәаразы" аднакылеит.
Апроект рыдигалеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥхьанатә акредит ашәара 10 шықәса ҳәа ҿҳәараны иаҭан, аха нас аҿҳәара инахан 2029 шықәсанӡа.
Хәажәкырамзазы Москва имҩаԥысит аилацәажәара. Аԥсуа ган ажәадгала ҟанаҵеит ареструктуризациатә ҿҳәара 2034 шықәсанӡа инахазарц. Аурыс ган уи иақәшаҳаҭхеит.
Иаанханы иҟоуп миллиардки 276 миллион мааҭ, иҳәеит Делба.
Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рыбжьара 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азы Аԥсны аекспорттә кредит аҭаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы еицаҵарҩит.
Ақәҵарала аԥкаанҵа рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь 60 – мш иахымгакәа Амилаҭтә банки аҿиара Аҳәынҭқарратә корпорациеи "ВЭБ. РФ" аԥарашәаратә еиқәшаҳаҭра еиҿыркаароуп.
Аԥкаанҵа анапы анаҵаҩха инаркны ахархәара аиуиет, амчра аиуеит адипломатиатә каналқәа рыла иара амчра аиуразы иахәҭоу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатә уснагӡатәқәа шымҩаԥгоу азы адырра аганқәа ианрибаҭалак ашьҭахь.
Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рыбжьара 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азы Аԥсны аекспорттә кредит аҭаразы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра Апарламент аратификациа азнауит рашәара 12 2017 шықәсазы.
Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла аиҳабыреи рыбжьара 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азы Аԥсны аекспорттә кредит аҭаразы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны иаҭан аекспорттә кредит аҳасаб ала 2 миллиард мааҭ аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы.
Аусурақәа мҩаԥыргар акәын 2010-2011 рыҩнуҵҟала, аха иалмыршахеит. 2012 шықәсазы Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалан, аҿҳәара 2013 шықәса рахь инахан. Акредит ашәара аҿҳәарагьы 2021 шықәса аҟынтәи 2023 шықәсахьы ииаган.