АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсны Урыстәыла аихамҩа ахь иҟанаҵаз азыҳәақәа зегьы аҭак роуит. Абылтәы аазгоз авагонқәа ырццакуп, иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб аиҳабыра реилатәараҿы.
"Аӡәгьы цәгьара игәы иҭакны акгьы ҟаимҵеит. Усеиԥш ҭагылазаашьа ыҟам. Аха иҟоуп ҳаззымиааиуа. Ҳара есыҽны ахылаԥшра мҩаԥаагоит. Есышьыжь Аԥсны ААР аҟынтәи адыррақәа шсызнарго аиԥш, абри аус азгьы адыррақәа сызнаргоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Бжьаратәла Аԥсныҟа абылтәы аагара 7-10 мшы ракәзар иаҭахыз, нанҳәамзазы уи ҩынтәны еиҳахеит. Аилахара иахҟьаны Аԥсныҟа иааргоз аидарақәа рыхәҭак Чечентәыла иалсны иаауа идәықәырҵеит, лҳәеит аилатәараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
"Нанҳәамзазы Аԥсныҟа иаагаз 223 вагон, мызкы иагханы ауп ишааз. Аамҭехшарала урҭ ԥхынгәымзазы Цандрыԥшь игылазар акәын ", - лҳәеит Озган.
Лара лажәақәа рыла, 395 вагони даҽа 104 коммерциатә вагони ареспубликахь ихьшәаны иааит. Зынӡа, 722 вагон мызки бжаки инарыцны раамҭа иахыԥаны иааит".
"Ари иаанаго ауадаҩра ыҟоуп ауп. Аха Урыстәыла атранспорт азы аминистрреи Урыстәыла аихамҩа анапхгареи ҳацхраауеит. Сгәы иаанагоит азҵаара ӡбахап ҳәа" - лҳәеит лара.
Абылтәы ахә ацлара атәы дазааҭгыло Анқәаб иҳәеит, абылтәы ахьаархәо акомпенсациатә схемақәа азгәаҭоуп ахә ашьҭымхразы, ҳара ҳбиуџьет уи алшом ҳәа.
Цәыббра алагамҭазы Аԥсны абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа шьақәгыло иалагеит абылтәы аҟамзаара иахҟьаны. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ аман нанҳәамзазгьы.