Аԥсны ауааԥсыра мызкы аҩнуҵаҟа 2500-ҩык инреиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" рыларҵахьеит

Акоронавирус аҟынтәи алаҵа аҩбатәи ахәҭа Аԥсныҟа иааган нанҳәа фба азы, "Спутник Лайт" 5 000 лаҵа аахәареи аагареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Алаҵа "Спутник Лайт" Аԥсны ауааԥсыра 2568 - ҩык ирыларҵахьеит, абри атәы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Иазгәасҭарц сҭахуп, алаҵаҟаҵара ԥсыҽны ишымҩаԥымсуа. Даҽазныкгьы ҳажәлар аасыԥхьоит алаҵа ҟарҵарц. Алаҵа - ари хыхьчагоуп, ҳара ҳаиқәнархоит. Аоперативтә штаб аҟынгьы срыҳәоит Аԥсны араионқәа зегь рыҟны алаҵаҟаҵара аус дырхыцхыцырц", - иҳәеит Быҭәба.
Анқәаб агәынамӡара ааирԥшит  алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы
Аԥсны алаҵаҟаҵара ԥсыҽны имҩаԥысуеит ҳәа  агәынамӡара ааирԥшит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахәаша цәыббра 10 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа реилазаара аилатәара аҟны.
"Алаҵа аиҳарак Аҟәа ахархәара амоуп. Избан абырсҟаамҭа алаҵа  маҷны изыҟаҵоу, шаҟа аамҭа ҵуазеи хә-нызқь лаҵа Аԥсныҟа иааижьҭеи?", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
 Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 лаҵа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.