АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 304-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 82-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа аҳәса 1956 шықәсазы иизи, 1960 шықәсазы иизи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 36-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 13-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 55-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.