АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аиқәырхаҩцәа макьанагьы дрымԥшаац 1949 шықәсазы ииз Урыстәыла атәылауаҩ Дмитри Иуктешев, нанҳәа 4 рзы Анхәа азааигәара иӡыз. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
"Ауаҩы ишьҭоуп Афонҿыцтәи аиқәырхаҩцәа хыԥхьаӡарала 25-ҩык, амилициагьы адҳаԥхьалеит ари аус, аха макьана ихабар ҳәа акагь ҳамбацт", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Иҟоу адыррақәа рыла, Иуктешев ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа ихала дааит, аха дыӡит ҳәа анраҳа иуацәагьы арахь идәықәлеит, иԥшаара рҽаладырхәырц.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы ишырҳәо ала, ахаҵа Анхәа далҵны ихы ахьынахоз дцахьазар ауеит, иҟалап, Аԥсны аҳәаа дахысзаргьы.