Ражьден Гәымба – акомпозитор, ахортә дирижиор, ауаажәларратә усзуҩ, Аҧсни Урыстәылатәи Афедерациеи акомпозиторцәа реидгыла алахәыла, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара акавалер, Аԥсны жәлар рартист. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥсуа профессионалтә хортә музыка аҿиара, хыԥхьаӡара рацәала ашәақәа, аинструменталтә рҿиамҭақәа, асимфониатә оркестр азы аҩымҭақәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атрагедиатә хҭысқәа ирызку аусумҭақәа аҭыԥ ду ааныркылоит ирҿиараҿы. Иара иҩымҭақәа аԥсуа музыка ахьтәы фонд иахыԥхьаӡалоуп.
Ражьден Гәымба еиқәиршәаз ашәақәа "Иаирума", "Қәачала", "Ауардын" уҳәа егьырҭгьы ижәлартәхеит. Амилаҭтә музыкатә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи, иара убас Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы илагала ахәшьара аҭара даара иуадаҩуп. Ражьден Џьгәанаҭ-иԥа Гәымба ихьӡ ахҵоуп Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Филармониа.
Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит, раԥхьаӡа акәны Ражьден Гәымба дызхагылаз ансамбли лареи реибабара шыҟалаз атәы.
"Исгәалашәоит, Гәымба ихор аауеит анырҳәалак, хәыҷи-дуи зегьы еизон ақыҭаҿы. Аашықәса схыҵуан раԥхьаӡа акәны Ражьден Гәымба данызба. Убриаҟара инапқәа шәаҳәон, ансамбль агәыбылра иаразнак искит, бзиа избеит", - ҳәа лгәалалыршәеит Чамагәуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.