"Уажәы сасык данааиуа изцәыругаша маҷым ахаа-мыхаа, аха аџьынџьыхәа аныҟам сгәы иаҭахым. Аџьынџьыха аҟаҵараан араса ибзиан иурҩароуп, хәыҷык ицәаӡан иҟарҵоит, аха усҟан иара иашахоит. Зны ирыԥхны икнаҳҳауеит, нас амра анақәыԥхалак мчыбжьык аҟара, хынтә иҭысшьуеит, избанзар иаҳа иҟәазӡа иҟалоит. Акаканлагьы иҟауҵозар, уигьы амра иарҩароуп. Икнауҳауеит, аха уигьы уахылаԥшлароуп. Икнухлароуп, иҩнаугалароуп. Алаҳарҩа акәзар, џьоукы иҩаӡом рҳәоит. Уи иҩоит ибзианы, иахьахәҭоу иқәуҵар. Алаҳарҩа бзиа иабоит аӷәы. Алаҳа хаазар, ашьақар аҭахӡам, азлара ацәмаҷзар, хәыҷык ауҭар алшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Қәаранӡиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.