Афон Ҿыц "акадифаамҭазы" зыхә мариоу аԥсшьараҭа ҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

Урыстәылатәи амаҵзура TVIL.RU иалнакааит "акадифаамҭазы" еиҳа имарианы ԥсшьара ацара ахьауа аҭыԥқәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Афон Ҿыц "акадифаамҭазы" хәмариала ауаҩы иԥсы ишьарц ахьилшо аҭыԥқәа иреиуоуп ҳәа азгәанаҭоит TVIL.RU.
Атурмаҵзура адыррақәа рыла цәыббреи жьҭаареи амзақәа рзы аиҳараҩык мышкы инаркны жәымшнӡа рыԥсы ршьоит, уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 1,2 - 6 нызқь мааҭ рҟынӡа.
Аԥсшьараз еиҳа ахәԥсақәа лаҟәуп Афон Ҿыц, еиҳа иҳаракуп – Лахденпохиа.
 
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа зыхә шәоу азыҳәақәа рыла.