Аԥсны иаҭааит Урыстәылатәи аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа

Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит аекономикатә ҿиара аминистрра аҟны иҷыдоу апрограммақәеи апроектқәеи рдепартамент анапхгаҩы Витали Гудин.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дырԥылеит Урыстәылатәи аекономикатә ҿиара аминистрра ахаҭарнакцәа аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаатәқәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара асаит.
Урыстәылатәи аҟазацәа Аԥсныҟа раара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирҭаараны иҟоуп Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Анивестпрограммала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа аргыларақәа.
Иара убас иазгәаҭоуп, Аԥсны аминистррақәа рыҟны иҟоу ахылаԥшырҭабжьаратә гәыԥқәеи дареи русеицура. Урҭ рлыҵшәақәа ртәы изнагахоит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Иара убас шәаԥхьар ҟалгоит: