Арратә мобилтә госпиталь 500-ҩык Аԥсны ауааԥсыра аднакылахьеит

Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 18 раахыс 500-ҩык инреиҳаны COVID-19 змоу ауааԥсыра аднакылахьеит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Урҭ рҟынтәи амбулатор ҳасабла 398-ҩык, стационар ҳасабла 165-ҩык.
Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык амедусзуҩцәа.
Агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: