Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп урыстәылатәи аицџьынџьуаа рконференциа

Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла (КСОРС) аконференциа алахәхаразы цәыббра 23-нӡа арзаҳалқәа аднакылоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи аицџьынџьуаа рконференциа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа жьҭаара 7 азы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла (КСОРС) асаит.
Аконференциаҿы ашықәс аихшьаалақәа ҟарҵоит, ԥхьаҟатәи апланқәа шьақәдыргылоит.
КСОРС ааԥхьара рнаҭоит урыстәылатәи аицџьынџьуаа руаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа зегьы аусутә гәыԥ рҽаладырхәырц аконференциа азырхиаразы.
Урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла (КСОРС) аконференциа алахәхаразы цәыббра 23-нӡа арзаҳалқәа аднакылоит.