Гагра ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыман иахьцо аҭыԥқәа ирыҵаркит

Амаҵзура Tvil.ru аналитикцәа ирҳәоит хҩык-ԥышьҩык рыла иҟоу аҭаацәара ашколтә ԥсшьарамшқәа раан 23 000 мааҭ ҳәа рыԥсы ршьар алшоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Гагра ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыман иахьцо аҭыԥқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп, ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Амаҵзура зыӡбахә аҳәаз ақалақьқәа жәаба рҟынтәи еиҳа ахәқәа лаҟәуп Гагра, иҳаракуп – Мышкин.
Tvil.ru адыррақәа рыла ахәыҷқәа зцу атуристцәа бжьаратәла 8 уахык аԥсшьараз иҿарҵоит, иагьазхиоуп уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 1,8 -19 нызқь мааҭ аныхра.
Асиа шьақәыргылоуп жьҭаара 1 инаркны абҵара 14 рҟынӡа заанаҵтәи аҿаҵарақәа рышьаҭала.