АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанбеи акоммерциатә банк "Амра-банк" анапхгараҭара ахантәаҩы Нестор Дамениеи рнапы аҵарҩит "Аусеицуреи аинформациатә еинырреи рзы" аиқәшаҳаҭра ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Габуниа.
Адокумент инақәыршәаны, аусбарҭа актуалтә информациа аиулар алшоит ашәахтәшәаҩцәа рбанктә ԥхьаӡарақәеи аиҿкаарақәеи ахаланаплакцәеи рыԥхьаӡаратә еикәыршарақәеи рзы.
"Адокумент онлаин режим ала аинформациа унаҭоит абанк аҿы аоперациақәа анымҩаԥысыз азы. Ари аоперациақәа ахылаԥшра рыҭара алнаршоит, иалнаршоит ашәахтәҽацәыхьчара аҿагылара, зыгәра умгаша аоперациақәа ианаамҭоу азхьаԥшра рыҭара", - ҳәа иҳәеит Габуниа.
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ иара убасгьы иҳәеит уажәазы аминистрреи абанкқәеи реиныршьа атәы.
"Есымза имҩаԥгоу аоперациақәа рзы алҩаақәа ҳауеит. Нас урҭ аус рыдааулоит. Уи аамҭа агоит. Уажәшьҭарнахыс апрограмматә еиқәыршәарала ҳаиҿкаахоит абанкгьы ҳаргьы, аинформациагьы еимаадалоит", - ҳәа иҳәеит Гьаргь Габуниа.
"Амра-банкгьы" ИНН – ашәахтәшәаҩ иидентификациатә номер ала актуалтә информациа аиулоит.
"Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрреи абанкқәеи асеиԥштәи реинырратә практика раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит", - иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Габуниа ишиҳәаз ала, егьырҭ Аԥсны акоммерциатә банкқәеи аминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азҵаара аус адулара иаҿуп.