Александр Анқәаб Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Алексеенкои реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Алексеенкои реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аиԥылараҿы ирзааҭгылан  еиуеиԥшым аусхкқәа, ҷыдала Алексеенко хылаԥшра зиҭо, аргылара, архитектура, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҿы аусеицура.
Аганқәа еиқәышаҳаҭны ирыӡбеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Краснодартәи атәылаҿацәи  рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы аинырра ыҟазаарц.