Аԥсны иаарԥшуп акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 138

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26375-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21807-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 395-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 502-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 138-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 29-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 58-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.