Аԥснытәи атәанчаҩцәа ркатегориақәак жьҭаарамза инаркны ашәарацҵақәа роулоит

Аԥсны Атәанчахәытә фонд ашәарацҵа ззыҟанаҵо атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 11 821-ҩык ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥснытәи атәанчаҩцәа ркатегориақәак, урыстәылатәи атәанчахәы змауа, 2021 шықәса жьҭаарамза инаркны ашәарацҵақәа роулоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс
2021 шықәса жьҭаара-ԥхынҷкәын ирылагӡаны ашәарацҵа иартәоит 13 миллиони 109 нызқь мааҭ.
Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иҳәеит ашәарацҵа абарҭ акатегориақәа ирыҭахоит ҳәа:
Иахьазы атәанчахәы рзыршәоит 39 категориа атәылауаа. Ашәарацҵа иаҵанакуеит быжь-категориак атәанчаҩцәа.