АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Никарагуа Ахада Хосе Даниель Ортеге Сааведре амилаҭтә ныҳәа - Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 200 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала азин сышәҭозар, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәмилаҭтә ныҳәа – Никарагуа Ареспублика ахьыԥшымра 200 шықәса ахыҵра амш. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи агәреибагаратәи еизыҟазаашьақәа. Ҳара агәра ҳгоит ҳпозициақәеи ҳинтересқәеи рзеиԥшра, жәларбжьаратәи аусеицура азҵаара хадақәа рганахьалагьы, ишалнаршо аԥхьаҟагьы Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ҳажәларқәа реизҳазыӷьара иазку астратегиатә усеицура арҿиара", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Никарагуа ахада Даниель Ортега Аԥсны ахьыԥшымра азхеиҵеит 2008 шықәса цәыббра 3 азы.
Шықәсык ашьҭахь Аԥсни Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.