Гагра иҳаҩсыз аԥхынразы атуристцәа еиҳа иалырхуаз ахырхарҭақәа хәба ирылашәеит

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит атәыла ауааԥсыра ииасыз аԥхынразы реиҳа иалырхуаз ахырхарҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Гагра 2021 шықәса аԥхынразы атуристцәа еиҳа иалырхыз ахырхарҭақәа хәба ирылашәеит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Гагра ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыман иахьцо аҭыԥқәа ирыҵаркит
Сынтәатәи аԥхынразы бзиа ибаны иалырхуаз аҭыԥқәа иреиуоуп иара убас Феодосиа, Шәача, Гагра.
Аԥсшьаҩцәа ргәы иақәшәаз хырхарҭақәоуп иара убас Санкт-Петербург, Ростов-на-Дону, Москва, Казань, Кисловодск, Банное, Соль-Илецк ақалақьқәа.
Tvil.ru  адыррақәа рыла, атуристцәа 1-9 уахы ԥсшьара ҳәа иаангылон, уахыки-ҽнаки рзы 1,8 -3,8 нызқьмааҭ ршәон. Зегь раасҭа ахәқәа лаҟәын Кисловодск, иҳаракын —  Банное.
2021 шықәса аԥхынтә сезон аан еиҳа ԥсшьараҳәа иахьцоз:
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса рашәара 1-нанҳәа 31 рызтәи аҿаҵарақәа рдыррала.