АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 425-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 102-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа аҳәса, руаӡәк 62 шықәса лхыҵуан, егьи 70.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 29-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 64-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.