Арадио

Ҵәыџьԥҳа агазеҭ "Республика Абхазия" азы: ҳгәы иалоуп ҳтираж ахьмаҷу

Агазеҭ "Республика Абхазия" иахыҵит 30 шықәса. Иаԥсҭазаашьои агазеҭ иахьа, иазусҭцәада уи аԥхьаҩцәа, иамоума ҳаамҭазы агазеҭ аԥеиԥш, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит, ажурналист Заира Ҵәыџьԥҳа.
Sputnik
"Агазеҭ усҟантәи аамҭаз еиԥш иахьагьы иаҳарбар ҳҭахуп ажәлар рыԥсҭазаашьа. Аха зегь реиҳа ҳгәы иалоу ҳтираж ахьмаҷу ауп. Хынтә ҳҭыҵуазаргьы, иахьа иҳазнагаӡом ақыҭақәа зегь рахь, араионқәа зегь рахь, иара ақалақь аҿы знапы аҵазҩыз рхыԥхьаӡара маҷхеит. Имаҷуп иаԥхьо. Еиҳарак агазеҭ зхы иазырхо аҵарауаа роуп. Ҳара ҳхықәкы ауаҩы игәалақәа, ихәыцшьа аԥхьаҩцәа рызнагара, аха амассатә информациатә хархәагақәа реицлабраҿы агазеҭ аԥыжәарақәагьы ахьамоу ыҟоуп. Акиногьы анцәырҵ шьҭа атеатр ахь инеиуада ҳәа рҳәон, аха доусы иара ахәаԥшҩы дамоуп, убас агазеҭгьы иаԥхьо еснагь дыҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Аибашьра аԥхьатәи апериод (80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи ақырҭуа агрессиа аҟынӡа) ари аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иаҳа ианыуадаҩыз аамҭан. Убасҟан, сентиабр мза 1991 шықәса рзы В.Г. Арӡынба иаԥшьгарала иҭыҵуеит Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет агазеҭ "Республика Абхазия" актәи аномер.